Гиули Аласаниа – Ишубарҭоу ала, Саакашвили акәылӡытә машьынала абахҭа дҭыганы дыргеит, нас, агежьҧрыга дақәыртәаны џьара дыргеит, дахьыргаз сыздырӡом
Гиули Аласаниа – Ишубарҭоу ала, Саакашвили акәылӡытә машьынала абахҭа дҭыганы дыргеит, нас, агежьҧрыга дақәыртәаны џьара дыргеит, дахьыргаз сыздырӡом

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  иан Гиули Аласаниа лҳәамҭала, ишубарҭоу ала, Саакашвили абахҭа дҭыганы дыргеит, аха, дахьыргаз лыздырӡом.

«Абахҭа ҳзыҩналом, иара џьара дыргеит. Сара аинформаиа сымам, ишубарҭоу ала, иара абахҭаҿ дыҟам.  Аҳақьымцәа ишырыӡбал ала, Саакашвили апрофильрацәатә клиникашҟа диагатәуп. Абра ҳашгылаз, иҳавсны дрыманы ицеит.  Акәылӡытә машьынақәа ҩба иҳавсны ицеит, нас, агежьҧрыга аабеит. Асааҭ ҩба инаркны абра ҳгылоуп, аҭак ҳмоуит, ауаҩы дыҟам, дыргазар ҟалап. Дахьыргаз сыздырӡом», — илҳәеит Гиули Аласаниа.