Гиули Аласаниа - Аинтервиу аҿы ақырҭуаа рыӡбахә рҳәом, Украина дахцәажәоит
Гиули Аласаниа - Аинтервиу аҿы ақырҭуаа рыӡбахә рҳәом, Украина дахцәажәоит

Аинтервиу аҿы ақырҭуаа рыӡбахә рҳәом, Украина дахцәажәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада иан Гиули Аласаниа “Шпигель” икьыԥхьыз Саакашвили иинтервиу данахцәажәоз. Аинтервту аҿы Саакашвили излаиҳәаз ала, 2021 шықәса жьҭааразы Қырҭтәылаҟа ихынҳәра еиҿызкаауаз ауаа Урыстәыла агентцәагьы рылазар ҟалап.

Аласаниа лажәақәа рыла, Михеил Саакашвили Украина даныҟаз иара иахь инеины, жьҭааранӡа Қырҭтәыла ухынҳәыроуп ҳәа иарҳәон. Саакашвили иан ишазгәалҭаз ала, ари Кремль имҩаԥнагаз аоперациан.