Гиги Ҵереҭели – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ампыҵахалареи, аннексиеи, Қырҭтәыла аҭыҧантәи ауааҧсыра рзинқәа рыларҟәреи ачҳара ахәҭам
Гиги Ҵереҭели – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ампыҵахалареи, аннексиеи, Қырҭтәыла аҭыҧантәи ауааҧсыра рзинқәа рыларҟәреи ачҳара ахәҭам

Апартиа  «Европатәи Қырҭтәыла»  аполитхеилак ахантәаҩы Гиги Ҵереҭели, Вена, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  Апарламенттә Ассамблеиа аилатәараҿы дықәгылеит.

Зыӡбхәы ҳәоу аиҿкаара ҧасатәи ахада иаҳасабала, Ҵереҭели,  апандемиа иахылҵыз акризис аан аиҿкаара аусуреи активреи,    Апарламенттә Ассамблеиа ароли, уажәазы иҟоу аҳасабтәқәеи, имҩаҧгатәу ареформақәеи дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, Ассамблеиа Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирҿагылароуп.

«Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа иҟоуп. Ампыҵахалара, аннексиа, аҭыҧантәи ауааҧсыра рзинқәа рыларҟәра. Ҳтәылауаа, ампыҵахалатә цәаҳәа ахысразы  имҵарсны ибаандаҩыртәуеит.

Беларусгьы аҭагылазаашьа цәгьоуп. Жәанызқьҩыла аоппозициа адгылаҩцәа абахҭа иҭакуп, уаагьы макьана акомпромисси адиалоги адыргақәа иҟам.

Ҳара адиалог ауп иаҳҭаху, уи  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ахадаратә хархәагоуп, аха, уи хықәкылатәи процессзароуп, абри ауп ҳакзаареи иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәара иазку ақәҧареи  зхьыҧшу», — иҳәеит Гиги Ҵереҭели.