Гига Ҧарулава – Адемократиатә тәылаҿы апартиақәа раҧыхразы аконституциатә механизм ахархәара ҟалом, уи „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгара рзы хлымӡааххоит
Аконституциатә ашшыҧхьыӡ иадҳәаланы аханатәгьы иаҳҳәеит, уажәгьы еиҭаҳҳәоит адемократиатә тәылаҿы апартиақәа раҧыхразы аконституциатә механизм ахархәара шыҟамло, – иҳәеит апартиа „Гахариа Қырҭтәылазы“ алахәыла Гига Ҧарулава.
Иара иажәақәа рыла, иарбанзаалак апартиа зхы иақәиҭу иашоу алхратә лагылазаараҿы аҵархатәуп.
„Уи „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгара рзы хлымӡааххоит. Ҳпартиа аконституциатә ашшыҧхьыӡ анҵара акәзар, уи Гьаргь Гахариа изы аполитикатә ашьҭазаара анагӡароуп.
Аконституциатә ашшыҧхьыӡ ала ироур ирҭаху алҵшәа – аполиткиатә партиақәа раҧыхра – уаанӡагьы иӡбаны ирыман. Убри азоуп Аконституциатә аӡбара даҽа аӡбаҩык, Манана Кобахиӡе лнапынҵақәа зышьҭалҵаз. Дара ари аӡбара рыдыркылахьеит, аха, ҳәарада, ари аӡбара иахылҵуа аҵыхәтәантәи алҵшәа „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгара рзы хлымӡааххоит“,- иҳәеит Ҧарулава.
Қырҭтәыла апарламент 88ҩык алахәылацәа рконституциатә ашшыҧхьыӡ аполитикатә партиақәа – „Амилаҭтә ҵысра“, „Аиҭакрақәа рзы акаолициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа“, „Қырҭтәыла ҕәҕәа – Лело“, „Афедералисттә партиа“, „Гахариа Қырҭтәылазы“ русура ақәиҭымтәра иазкуп. Аконституциатә аӡбараҿы ари ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иалагоит иааиуа амчыбжьа инаркны.