Гиа Вольски – Дара миллионбжак нырххьеит  ргәаанагарақәа Америка Сенат аҟынӡа анагаразы, уи рыцҳарак ауп, аха, даҽа рыцҳаракгьы иҟоуп, ҳажәлар уи иазкны акгьы рыздырӡом
Гиа Вольски – Дара миллионбжак нырххьеит  ргәаанагарақәа Америка Сенат аҟынӡа анагаразы, уи рыцҳарак ауп, аха, даҽа рыцҳаракгьы иҟоуп, ҳажәлар уи иазкны акгьы рыздырӡом

Алобисттә усура  закәандарам, дара аиқәшаҳаҭра ахьрымоу аиҿкаара, лымкаала   „Формула“ аҿаҧхьа аҧхықәра рыдуп асенаторцәа рҟнынӡа аинформациа анагара ацхрааразы.  Алобистцәа ирзыршәахьеит миллионбжак адоллар  аҟара,  – иҳеит апарламента ктәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски иҳәамҭала, макьана сенаторкгьы  Қырҭтәыла иаҿагыло аҳәамҭа аҟаҵара дақәшаҳаҭымхацт.

„Америка  Аиустициа аминистрра ари азҵаара иадҳәаланы аинформациа аланарҵәахьеит. Рыцҳарас иҟалаз, ҳоппонентцәа ирыдҳәалоу аиҿкаарақәа ари аинформациа аладырҵәом, ҳуааҧсыра уи еилыркаауеит америкатә закәан  FARA ала. Дара миллионбжак адоллар нырххьеит  ргәаанагарақәа Америка Сенат аҟынӡа анагаразы, уи рыцҳарак ауп, аха, даҽа рыцҳаракгьы иҟоуп, ажәлар уи иазкны акгьы рыздырӡом.

Агәыҧ «Формула» ма  «Амилаҭтә ҵысра»  адгыларатә аҳәамҭа ҟазҵо сенаторк дцәырҵыр,  дара ари аус рнапы алакымзшәа аадырҧшыр акәхоит.   Аха,   макьана сенаторкгьы  Қырҭтәыла иаҿагыло аҳәамҭа аҟаҵара дақәшаҳаҭымхацт», – иҳәеит Вольски.

Америка Аиустициа аминистрра аинформациа цәырнагеит ателееилахәыра  «Формула» аҿаҵарала аус зуа алоббисттә аиҿкаара ауранагӡара иазкны.