Германтәыла аканцлер Олаф Шольц раԥхьаӡатәи визитла Китаи даҭааит
Германтәыла аканцлер Олаф Шольц раԥхьаӡатәи визитла Китаи даҭааит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц раԥхьаӡатәи визитла Китаи даҭааит.

Агентра “Роитер” аинформациа ала, Олаф Шольц Китаи алидер Си Ӡинпин диԥылеит, уи Германтәыла алидер иахь ааԥхьара ҟаиҵеит “алгобалтә аԥсахрақәеи иҭышәынтәалам аамҭеи раан”, Берлини Пекини ирыбжьоу аусеицура ӷәӷәахарц.

“Роитер” ишаанацҳаз, алидерцәа реиԥылараан Украина ицо аибашьреи аекономикатә аимадарақәа рырҿиареи рыхцәажәеит. Германтәылатәи аиҳаьыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Китаи алидерцәа рҟны Европеи Пекини реизыҟазаашьақәеи аклиматтә ԥсахрақәеи, аглобалтә амлашьра аҿагылареи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

Германтәыла аканцлер “G7” иалоу атәылақәа рлидерцәа рҟынтә аҵыхәтәантәи хышықәса ирыланӡаны Китаи иаҭааз актәи ачинҳаракҩы иоуп.

Пекин Шоль ицуп Германтәыла абизнес аделегациа алахәылацәа.