Германтәыла аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  33ҩык рҟынӡа
Германтәыла аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  33ҩык рҟынӡа

Германтәыла аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  33ҩык рҟынӡа, жәаҩыла ауааҧсыра хабарӡа иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп.  Арыцҳара ҟалеит Реинланд-Пфальци  Аҩадатәи Реин-Вестфалиеи афедералтә дгьылқәа рҿы.

BBC адырра ала, Бельгиа иҟалаз аӡхыҵра аан ҧшьҩык ҭахеит, Нидерландыгьы аҧхасҭа ду аиуит.

Аофициалтә визитла Америка иҟоу Ангела Меркель ишыләҳаз ала,  «аҧсабаратә рыцҳара ахьаа ду лызцәырнагеит».

Атәыла аиҳабыра аҭыҧашҟа идәықәырҵеит авертолиотқәеи шәҩыла асолдаҭцәеи. Аполициа адыррақәа рыла, жәаҩыла ауааҧсыра аҩнқәа рхыбқәа рҿы ацхыраара иазыҧшуп.