Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Адемократиеи европатәи апринципқәеи рыхьчаразы адәахьы идәылҵыз ақырҭуа жәлар ргәымшәара иџьаҳшьоит
«Адемократиеи европатәи апринципқәеи рыхьчаразы адәахьы идәылҵыз ақырҭуа жәлар ргәымшәара иџьаҳшьоит», — иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асоциалтә аҳаҿы иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аиҳабырахь ааҧхьара ҟанаҵоит европатәи амҩа иазыхынҳәырц.
«Аиҳабыра роуп рҳәамҭақәеи рхымҩаҧгашьеи рыла ари амҩа мап ацәызкыз», — иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.