Германиеи, Франциеи, Польшеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Германиеи, Франциеи, Польшеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, “Веимартәи ахкәакь” иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа агәынамӡара аадырԥшуеит “жьҭаара 26 рзы имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәыла ишьақәгылаз аполитикатә кризиси, апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аанкыларазы иаднакылаз аӡбареи инамаданы”.
“Акризис Қырҭтәыла анапхгаратә партиа аполитикатә курси, европатәи амҩантә амҩахыҵреи ирыхҟьоуп. Ҳара Қырҭтәыла анаԥхгара рахь изныкымкәа ааԥхьара ҟаҳҵахьеит европатәи анормақәеи, ахәынаӡарақәеи, аиҭакрақәеи ҳаҭыр рықәҵаны, Евроеидгыла аинтеграциа амҩахь ихынҳәырц. Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит иҳаҩсыз амчыбжь азы аҭынч мҩала имҩаԥысуаз акицақәа реимырпразы амч ахархәара аҭыԥ ахьамаз. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара иргәалаҳаршәоит ауаҩытәыҩса изинқәа ҳаҭыр рықәҵареи, шьаҭанкылатәи ахақәиҭрақәа рыхьчареи рзы аҭакԥхықәра шрыду, аизарақәеи аинформациатә хархәагақәа рхақәиҭра ахьчара уахь иналаҵаны.
Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит аполитикатә усзуҩцәа ирызку ашәарҭарақәа. “Ақырҭуа гәахәтәы” имҩаԥнаго арепрессиатә политикеи адемократиатә регрессиеи ирыхҟьаны ҳаизыҟазаашьақәа еицәахеит Убри инамаданы, ҳара адипломатиатә паспортқәа змоу ахаҿқәа авизадатәи арежим рзаанкылара аӡбара ҳадаҳкылеит, иара убас иацҵаны аԥкрақәа рышьақәыргылара ҳрызхәыцуеит.
Жьҭаара 26 азы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирызкны OSCE/ODIHR иҟанаҵаз аҵыхәтәантәи аҳасабырба алхратә процесс аан аилагарақәа аҭыԥ шрымаз шьақәнарӷәӷәеит. Алхрақәа Евроеидгыла акандидат тәыла аҟынтә иахзыԥшыз астандартқәа ирышьашәаламызт. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵразы амҩа ԥшааны, Қырҭтәылатәи адемократиа агәрагара аиҭашьақәыргыларазы диалог иалагарц”, – ианупт Германтәылеи, Франциеи Польшеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа – Аннален Бербоки, Жан-Ноель Баррои, Радослав Сикорскии еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.