Гедеван Ԥоԥхаӡеи тәылауааки Русҭавели имҩаду аҿы апарламент аԥхьа амлашьра иалагеит. Амлашьра иалагеит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Дареџьан Цқвитариа.
Ԥоԥхаӡе иажәақәа рыла, апротест аформа – амҩа аркра мацара акәӡам.
“Аҿагылаҩҵәа есыҽны иҭаркуеит, атәыла адиктатурахь ахы рхоуп. Ари апроцесс аанызкыло акы заҵәык ауп – аполитикатә ҳәаақәа рахь ахынҳәра. Апротест аформа – амҩа аркра мацара акәӡам. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара иаԥаҳҵароуп апротест ахыҵхырҭа ҿыц”, – иҳәеит Ԥоԥхаӡе.