"Гахариа Қырҭтәылазы" - OSCE/ODIHR аихшьаалатә алкааҿ иану акритикатә ахәшьараҭара алхрақәа рылҵшәақәа асистематә реилахәара иаҳнарбоит, алҵшәа заҵәык алхрақәа реиҭамҩаԥгароуп
"Гахариа Қырҭтәылазы" - OSCE/ODIHR аихшьаалатә алкааҿ иану акритикатә ахәшьараҭара алхрақәа рылҵшәақәа асистематә реилахәара иаҳнарбоит, алҵшәа заҵәык алхрақәа реиҭамҩаԥгароуп

OSCE/ODIHR аихшьаалатә алкааҿ, ҳпартиа гәҩарас амаз алхыҩцәа рдыррақәа ииашам рхархәара афактқәа  аарԥшуп, ҳара абазақәа рцәыргара идҵаны иқәҳаргылеит, аха Алхратә комиссиа хада (АКХ) ари мап ацәнакит, – иануп “Гахариа Қырҭтәылазы” аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирызку OSCE/ODIHR аихшьаалатә алкаа инақәыршәаны, алхыҩцәа рықәыӷәӷәара, амедиа ԥсымыцқьара, еиҟарам аҭагылазаашьақәа, абжьыҭира амаӡара аилагара рыла иубарҭоуп алхрақәа адемократиа ашьаҭатәи астандартқәеи OSCE/ODIHR-и аҿаԥхьа амаз ахыдҵақәа рынагӡареи шрылымшаз.

Алкааҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп: аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла иалалаз аԥсахрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалам ҳәа, урҭ адемократиатә алхрақәа рпринцип ирҿагылоит ҳәа, алхратә аилагарақәа рықәҿыҭразы иашьашәалоу азинтә механизм ыҟамызт ҳәа.

Аҳасабырбаҿ ишану ала, аарԥшуп алхыҩцәа рдыррақәа ииашам рхархәара афактқәа. Апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” арҭ абазақәа рцәыргара идҵаны иқәнаргылеит, аха Алхратә комиссиа хада ари мап ацәнакит.

OSCE/ODIHR аихшьаалатә алкааҿ иану акритикатә ахәшьараҭара алхрақәа рылҵшәақәа асистематә реилахәара иаҳнарбоит, алҵшәа заҵәык алхрақәа реиҭамҩаԥгароуп“, –иануп аҳәамҭа аҿы.