Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 101-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 101-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Гаваи агубернатор Џьош Грин ишааицҳаз, адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 101-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны абна абылра мчыбжьык аԥхьа алагеит. Аспециалистцәа ишаарыцҳаз, аҵыхәтәантәи 100 шықәса ирылагӡаны адгьылбжьахаҿ абри еиԥш аԥсабаратә рыцҳара аҭыԥ амамызт.

Ақалақь Лаҳаина 80% иблит. Иблит 2000 хыбра, урҭ реиҳара анхарҭа ҩнқәоуп. Аекспертцәа ргәаанагарала, азаран 55 миллиард доллар иаҟароуп.