Габриелус Ландсбергис – Аиҩызаратә тәылақәа рацәа даараӡа ирҭахуп Қырҭтәыла иаҳа Украина иацхраарц, аполитикатә адгылара арҕәҕәарц
Габриелус Ландсбергис – Аиҩызаратә тәылақәа рацәа даараӡа ирҭахуп Қырҭтәыла иаҳа Украина иацхраарц, аполитикатә адгылара арҕәҕәарц

Раҧхьа иргыланы, сгәы ишаанаго ала, аҳәынҭқаррақәа зегьы ирылшо ҟарҵароуп. Абри ауп аус злоу, атәыла иалшо зегьы ҟанаҵома, — иҳәеит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелус Ландсбергис НАТО аминистериал иалагаанӡа.

Ландсбергис иҳәамҭала, иара итәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит.

НАТО апартниорцәа иреиҳәарц ииҭахи ҳәа ианиазҵаа, Литва дәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит:
«Қырҭтәыла аҭагылазаашьа шыцәгьоу здыруеит. Ҳара уи еилаҳкаауеит, аха, сгәы ишаанаго ала, аиҩызаратә тәылақәеи Қырҭтәыла апартниорцәеи даараӡа ирҭахуп ари атәыла иаҳа Украина иацхраарц, аполитикатә адгылара арҕәҕәарц», — иҳәеит  Габриелус  Ландсбергис.