Гьыргәал Лилуашвили - Ашәарҭадаратә маҵзура ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Қырҭтәыла атерроризм адгылаҩцәа рхыԥхьӡара маҷхеит
Гьыргәал Лилуашвили - Ашәарҭадаратә маҵзура ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Қырҭтәыла атерроризм адгылаҩцәа рхыԥхьӡара маҷхеит

«Ашәарҭадаратә маҵзура ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Қырҭтәыла атерроризм адгылаҩцәа рхыԥхьӡара маҷхеит», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Гьыргәал Лилуашвили.

Лилуашвили иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы Ашәарҭадаратә маҵзура атерроризм аҿагылра активла нанагӡон.

Ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы ишааицҳаз, Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористтә шәарҭақәа раарԥшреи ридентификациеи мҩаԥнагон, аинформациа аиҭныԥсахлара ахырхарҭала жәларбжьаратәи партниорцәа рҟны аусеицура аман.

«Адунеи аекономикеи аҭынчреи ринститут аланарҵәаз «Атерроризм иазку аглобалтә индекс» аҿы, Қырҭтәыла  аҵыхәтәантәи аҭыԥ ааннакылеит (тәылақәак реиԥг) ари иаанагоу акоуп, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла атеррористтә инцидентқәа аҭыԥ рымамызт“, – иҳәеит Гьыргәал Лилуашвили.