Гьаргь Хелашвили - Украина адгыларатә резолиуциа ииашаны, еилукааратәы еиқәыршәоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, иахьазы аибарххара аиҵатәроуп хықәкыс иҳамоу
«Украина адгыларатә резолиуциа ииашаны, еилукааратәы еиқәыршәоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Хелашвили апарламент апленартә аилатәараҿы Украина адгыларатә резолиуциа ацәыргараан.
«Арезолиуциа ишану ала, иахьазы ҳара ҳзы ахадаратә ҳасабтәуп аибарххара аиҵатәра. Шәара уи гәашәымҭазар ҟалап, аха, 2014 шықәсатәи арезолиуциеи уажәтәи арезолиуциеи излеиҧшым рацәоуп», — иҳәеит Гьаргь Хелашвили.
Хелашвили иәҳамҭала, Ҟрым аннексиа иадҳәаланы 2014 шықәсазы ирыдыркылаз арезолиуциагьы «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа роуп иадгылаз.
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла апарламент арезолиуциа «Украина иҟалар зылшо аескалациа иазкны» ахатә вериа цәырыргеит.