Апарламент аҿы аполитикатә гәыҧқәа рыбжьара аконсультациақәа иалагоит Украина адгыларатә резолиуциа адкылара азҵааразы
Апарламент аҿы аполитикатә гәыҧқәа рыбжьара аконсультациақәа иалагоит Украина адгыларатә резолиуциа адкылара азҵааразы

Апарламент аҿы аполитикатә гәыҧқәа рыбжьара аконсультациақәа иалагоит Украина адгыларатә резолиуциа адкылара азҵааразы.

Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, апарламент алахәылацәа арезолиуциа аформазы еиқәшаҳаҭхароуп, убри аҟынтә, иааиуа амшқәа рзы аконсультациақәа мҩаҧыргоит.

«Уаҵәы Бриуссельҟа ҳдәықәлоит. НАТО аофис аҿы аиҧыларақәа мҩаҧаагоит. Ҳпартниорцәагьы арезолиуциа иазкны ҳрацәажәароуп. Нас, ҳаиқәшаҳаҭны, иааиуа амшқәа рзы арезолиуциа атекст цәыраагоит», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.