Гьаргь Шарашиӡе  - Михаил Саакашвили абахҭахь ииагара ала Гьаргь Гахариа ахара идҵара атема хырҩар рҭахын  
Гьаргь Шарашиӡе  - Михаил Саакашвили абахҭахь ииагара ала Гьаргь Гахариа ахара идҵара атема хырҩар рҭахын  

«Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рзы Михаил Саакашвили хар имамкәа дыҟан, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иаартны ирҳәароуп дара Саакашвили иацы дзиаргаз», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәылазы» алахәыла Гьаргь Шарашиӡе.

Иара иажәақәа рыла, ари ашьаҿала атәыла анапхгара Гьаргь Гахариа ахара идҵара атема хырҩар рҭахын.

«Ҳара баша аӡә дҭакызар ахьахәҭаху азы акәаӡам Михаил Саакашвили абахҭашҟа ииагара ҳзаҳәоз.  Ҳара уи ҳаҳәон, избанзар абаандаҩцәа зегьы еиҟароу аҭагылазаашьақәа рымазароуп. Сара анапхгаратә гәыҧ рахь азҵаара сымоуп: дара Михаил Саакашвили игәабзиара ахьеиҕьхаз азы абахҭашҟа диаргазар, игәабзиара шеиҕьаз иацы еилыркаама? Гьаргь Гахариа ахара анидарҵа ашьҭахь 4 сааҭк анҵы еилыркаама? Уаанӡа Саакашвили цәгьала дыҟазма? Шықәсык аҧхьа иаҳа деицәазма?

Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рзы Михаил Саакашвили хар имамкәа дыҟан, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иаартны ирҳәароуп дара Саакашвили иацы дзиаргаз. Абри ашьаҿала дара  Гьаргь Гахариа ахара идҵара атема хырҩар рҭахын ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Гьаргь Шарашиӡе.