Гьаргь Коҷорашвили   – Иаҳа ирацәаны ҳахәҭан ҳәа сгәы иаанагоит, аха, ҳманшәаламхеит
Гьаргь Коҷорашвили   – Иаҳа ирацәаны ҳахәҭан ҳәа сгәы иаанагоит, аха, ҳманшәаламхеит

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәыла Гьаргь Коҷорашвили Европа ачемпионатаҿ иацтәи аматч дахцәажәеит.

«Иахьа иаҳа ирацәаны ҳахәҭан ҳәа сгәы иаанагоит. Раҧхьатәи 15 минуҭ даараӡа иаҳцәыуадаҩын, аха, ҳҽеидкыланы, ҧхьаҟацареи раҧхьатәи ампыл аҭаршәреи ҳалшеит. Скоманда, сҩызцәа, сҭаацәара сгәы рыздууп.

Ҳара ари ахәмарраҿы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. Аха, дара иаҳа иахьрықәҿиааз акомпонентқәа иҟоуп. Ҳамчқәа еиҭашьақәыргыланы, анеҩстәи ахәмарразы ҳҽазыҟаҳҵоит.

Ҭырқәтәыла аизга иазкны сгәы иаанаго еилышәкаар шәҭахызар, дара ииашаны аплан еиқәдыршәеит. Ҳара ахәмарраан аҧсахрақәа рыҟаҵара ҳақәшәеит, избанзар аҭырқәцәа ибзианы ихәмаруан  – зыҩаӡара ҳараку ахәмарҩцәа рымоуп.

Ари ахәмарра ииасхьеит, аҧышәа ду ҳауит. Аихшьаала ҟаҵаны, Чехиа аҵархара ҳҽазаҳкуеит.

Дортмундтәи астадионаҿ   10–15 нызқьҩык раҟара ҳазгәыбылҩцәа иҟан, рыбжьы ҳаҳауан, даараӡа ҳраҭабууп, иааны иахьҳадгылаз азыҳәан», — иҳәеит  Коҷорашвили.