Гьаргь Каландарившили - Ацентртә алхратә комиссиа аԥсымыцқьарыла аус ауеит ҳәа аҿәгьы изҳәом
Гьаргь Каландарившили - Ацентртә алхратә комиссиа аԥсымыцқьарыла аус ауеит ҳәа аҿәгьы изҳәом

“Жәларбжьаратә алабҿабара – Қырҭтәыла”  иахьатәи аҳәамҭаҿ ишану ала,  Ацентртә алхратә администрациа анапхгаратә партиа аҟынтә адҵақәа аиуеит.  Ацентртә алхратә комиссиа аԥсымыцқьарыла аус ауеит ҳәа аҿәгьы изҳәом, – иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Гьаргь Каландарившили.

Каландаришвили иажәақәа рыла, ари шьаҭа змам ахарадҵоуп.

“Азакәан иалаларан иҟоу аԥсахра зеиԥшрахо ахԥатәи аԥхьара ашьҭахь еилкаахоит”, – иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы.

Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара “Жәларбжьаратә алабҿабара – Қырҭтәыла” алхратә закәанԥҵара иалалараны иҟоу аԥсахра иазкны иахьа аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҿ ишану ала, Ацентртә алхратә администрациа анапхгаратә партиа аҟынтә аиуа адҵақәа нанагӡоит. Азакәанпроект иалалараны иҟоу аԥсахра Венециатәи акомиссиа иаҿагылоит,  Еврокосмиссиа иҳәаақәнаҵаз жәшьаҿак ирышьашәалам.