Гьаргь  Барамиӡе  - Шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ҳхы иҭоу  аидиотизм аҵарханы, Михаил Саакашвили иплакатқәа рабашьра шәаҟәыҵырц
Гьаргь  Барамиӡе  - Шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ҳхы иҭоу  аидиотизм аҵарханы, Михаил Саакашвили иплакатқәа рабашьра шәаҟәыҵырц

«Шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ҳхы иҭоу  аидиотизм аҵарханы, Михаил Саакашвили иплакатқәа, мамзаргьы ишәгәамҧхо даҽаӡәы иплакатқәа рабашьра шәаҟәыҵырц  — уи акәӡам иахьазы ҳтәылазы проблемас иҟоу. Ҳтәылазы проблемак ауп иҟоу  — ҳтәыла анапхгара импыҵахаланы измоу Иванишвили ицәгьауратә режим ауп», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь Барамиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  апротесттә мчқәа зегьы еидымгылар, еиқәшаҳаҭымхар, арежим иаҿагыло ақәҧараҿы аиааира рзыгом.

«Ҳара ҳазынтәгьы, раҧхьа иргыланы, акзаара ҳазхәыцроуп, акоуп ҳаидызкыло  — Қырҭтәыла абзиабареи ҳтәыла аинтересқәа разықәҧареи. Алабҿабара шыҟоу ҳбоит  — Қырҭтәыла Аконституциа еиларгоит, ҳтәыла анапхгара азыруеит Путин ихәбатәи колонна, дара Қырҭтәыла аизолиациаҿы иааныжьны, Путин инырра аҵаҟа иаанрыжьыр рҭахуп», — иҳәеит  Барамиӡе.