Гьаргь Барамиӡе  - Акризис, адемократиатә ма европатәи аполитикатә процесс уҳәа, ишәҭаху ахьӡашәҵа, аха,  «Амилаҭтә ҵысра» ари апроцесс иалҵуеит иаҳа иҕәҕәоу амандат ҿыц ала
Гьаргь Барамиӡе  - Акризис, адемократиатә ма европатәи аполитикатә процесс уҳәа, ишәҭаху ахьӡашәҵа, аха,  «Амилаҭтә ҵысра» ари апроцесс иалҵуеит иаҳа иҕәҕәоу амандат ҿыц ала

«Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Гьаргь Барамиӡе ишиҳәаз ала, уажәы апартиаҿ крызҵазкәа апроцесс мҩаҧысуеит, ари апартиа аргама аанарҧшуеит европатәи апринципқәа ишрықәныҟәо.

Барамиӡе иажәақәа рыла, апартиа ахантәаҩы иалхраан аҵакы хада рымоуп 3 принципк  — иарту алхрақәа рымҩаҧгареи, апартиа аҩныҵҟатәи алхраҧхьатәи кампаниа аиҩызаратә ҭагылазаашьаҿы амҩаҧгареи,  алхрақәа рҿы иаҵахо акандидат ила аҵахара азхаҵареи.

«Ҳара ҳазынтәгьы  «Амилаҭтә ҵысра» аҩныҵҟа ҳҭыҧ ҳамазаауеит. Аусқәа рацәоуп. Михаил Саакашвилии Ника Гварамиеи рхы иақәиҭтәуп, Қырҭтәыла урыстәылатәи арежим аҟынтә ахы иақәиҭтәуп. Иаҵахо аҵахара иазхеиҵароуп, анеҩс, ҳазынтәгьы, ҳҽеидкыланы, ҳаидгыланы ақәҧара наҳагӡоит. Сколлегацәа исықәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит. Акризис, адемократиатә ма европатәи аполитикатә процесс уҳәа, ишәҭаху ахьӡашәҵа, аха,  «Амилаҭтә ҵысра» ари апроцесс иалҵуеит иаҳа иҕәҕәоу амандат ҿыц ала», — иҳәеит Гьаргь Барамиӡе.

Иара убас, Барамиӡе ишазгәеиҭаз ала, иара  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы иҭыҧ азы икандидатура ақәыргылара игәы иҭам.