Франциеи Финлиандиеи рхадацәа Дональд Трамп иҟны Вашингтон имҩаԥысран иҟоу аиԥылара рхы аладырхәоит
Франциеи Финлиандиеи рхадацәа Дональд Трамп иҟны Вашингтон имҩаԥысран иҟоу аиԥылара рхы аладырхәоит

Франциеи Финлиандиеи рхадацәа Дональд Трампи Володимир Зеленскии европатәи алидерцәеи Вашингтон имҩаԥысран иҟоу реиԥылара рхы аладырхәоит, – аарыцҳаит Франциеи Финлиандиеи рхадацәа рофисқәа рҟынтә.

Иара убас Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен ишаалыцҳаз ала, ашәахьаҽны Аҩны шкәакәа имҩаԥысран иҟоу ЕАШ-и, Украинеи, европатәи алидерцәеи реиԥылара далахәхоит.

Аҩны шкәакәаҿ ахада Трампи ахада Зеленски реиԥылара рхы аладырхәоит Финлиандиа ахада Александр Стуби НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Руттеи.