Франциа амилаҭтә ассамблеиа Парижтәи Анцәа Иан лныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызку азакәан шьақәнарҕәҕәеит
Франциа амилаҭтә ассамблеиа Парижтәи Анцәа Иан лныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызку азакәан шьақәнарҕәҕәеит

Франциа амилаҭтә ассамблеиа Парижтәи Анцәа Иан лныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызку азакәан шьақәнарҕәҕәеит.

Европатәи атәыла иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә орган ҵаҟатәи апалата иаднакылаз азакәан инақәыршәаны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 5 шықәса имҩаҧысуеит. Иара убас, аусурақәа рхылаҧшра иазку аорган ҷыдагьы еиҿыркаауеит.

Лаҵара 27 рзы ари адокумент азакәанҧҵаратә орган хыхьтәи апалаиаҿы иахәаҧшуеит.  Парижтәи Анцәа Иан лныхабаа аиҭашьақәыргыларазы миллиардк  евро еизыргахьеит.

Аиҭашьақәыргыларазы  600-700 миллион евро аҭахуп.   Аҭыҧантәи анапхгара ишырәҳаз ала, иаанхо ҧара егьырҭ аныхабаақуа ирыхҭнырҵоит.