Fitch Ratings Қырҭтәыла ихьыҧшым ареитинг BB аҩаӡараҟны ишьақәнарҕәҕәеит, иара убас, азҧхьагәаҭа арбага шьҭырхит  «иҭышәынтәалоу» аҟынӡа
Fitch Ratings Қырҭтәыла ихьыҧшым ареитинг BB аҩаӡараҟны ишьақәнарҕәҕәеит, иара убас, азҧхьагәаҭа арбага шьҭырхит  «иҭышәынтәалоу» аҟынӡа

2025 шықәса абҵара 21 рзы  Fitch Ratings Қырҭтәыла ихьыҧшым ареитинг BB аҩаӡараҟны ишьақәнарҕәҕәеит, иара убас, азҧхьагәаҭа арбага еиҕьартәит «анегативтә» аҟынтә   «иҭышәынтәалоу» аҟынӡа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра.

Аминистрра аинформациа ишану ала,  аҵыхәтәантәи аамҭазы жәларбжьаратәи арезервқәеи,  атуризм аҟынтә ахашәалеи,  аҧаратә аиагарақәеи азҳаит.

«Агентра  Fitch ахәшьарала, Қырҭтәыла аекономикатә аҿиара дууп,   2025–2027 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара  5% иреиҳахоит.

Иара убас,  ареитингтә агентра иаҵшьны иазгәанаҭоит атәыла аҳәынҭқарратә финансқәа рҭышәынтәалареи,  абиуџьеттә дефицити аҳәынҭқарратә ауали амаҷхареи,  акыраамҭалатәи ауал аҭышәынтәалареи.

Ареитингтә агентра адыррақәа рыла,  Қырҭтәыла абанктә система ҭышәынтәалоуп,  ахашәала амоуп. Атәылаҿы адолларизациа аҩаӡара лаҟәхеит,  уи атәылаҿ иҟарҵо амакропруденциатә шьаҿақәа ирыбзоуроуп», — иануп Афинансқәа рминистрра аинформациаҿы.