Афинансқәа рминистрра – Аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны иааҳацҳауеит Қырҭтәыла асанкциақәа рықәныҟәара аганахьала ишҿырҧшыгоу
Афинансқәа рминистрра – Аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны иааҳацҳауеит Қырҭтәыла асанкциақәа рықәныҟәара аганахьала ишҿырҧшыгоу

«Аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны иааҳацҳауеит Қырҭтәыла асанкциақәа рықәныҟәара аганахьла ишҿырҧшыгоу, атәылаҿы атыша еиқәа иҟоуп ҳәа аларҵәара зауз аинформациа атәыла ахьӡ ланарҟәоит, ҧырхагара азаанагоит», — иануп Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ателееилахәырақәак хықәкыла, асанкциақәа рықәныҟәара иазкны иҟаҵаз аҳәамҭақәа ииашамкәа аадырҧшуеит.

«Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили инарҭбааны далацәадәеит аимадарақәа рхылаҧшра апроцесс шымҩаҧысуа.  Асанциақәа реилагаразы ицәырҵыз агәҩара иадҳәаланы,  Қырҭтәыла ахазалхратә маҵзура ала  90 операциақәа аанкылан, уи алагьы иубарҭоуп атәыла аекономикатә аҳәаақәа рҿы ахылаҧшра ҕәҕа шышьақәгылоу.

Америкеи Евроеидгылеи рҿы ҳпартниорцәа ҳара иҟаҳҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа иазкны инарҭбаау аинформациа рымоуп», — иануп аинформациаҿы.