Fitch  Қырҭтәыла акредиттә реитинг имҧсахкәа, ВВ аҩаӡараҟны  ааннажьит,  2023 шықәсазы аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа аздыраит  6,9 наӡынанӡа
Fitch  Қырҭтәыла акредиттә реитинг имҧсахкәа, ВВ аҩаӡараҟны  ааннажьит,  2023 шықәсазы аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа аздыраит  6,9 наӡынанӡа

Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра  Fitch ицәырнагеит Қырҭтәыла акредиттә реитинг ахәшьара ҿыц.

Аҳасабырба ишану ала, агентра  Қырҭтәыла акредиттә реитинг имҧсахкәа, ВВ аҩаӡараҟны  ааннажьит.

Fitch адыррала, атәыла акредиттә реитинг азҧхьагәаҭа аҽамҧсахит, ҧасеиҧш ибзиоуп.

Firch аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп азҧхьагәаҭа бзиа ахьчара иацхраауа афакторқәа –  аекономикатә азҳара дуи,  аинфлиациа амаҷхареи, адәныҟатәи апозициа аиҕьтәреи, амакроекономикатә политика ииашеи.

Иара убас, агентра адырра ишану ала, 2023 шықәсазы атәыла аекономикатә азҳара арбага  6,9%-нӡа ишьҭыҵуеит, ари арбага жьҭааразы ицәыргаз азҧхьагәаҭа аасҭа  3,4 анаӡынатә пунктқәа рыла еиҳауп.