Financial Times аԥхьаҩцәа ирабжьанагоит Қырҭтәыла иаҭаарц
Financial Times аԥхьаҩцәа ирабжьанагоит Қырҭтәыла иаҭаарц

Еицырдыруа британиатәи акьыԥхь Британиа ду аҟынтә Қырҭтәылашҟа инагӡо ишаишоу ареисқәа ирызку адырра аланарҵәеит.

Акьыԥхь аинформациала, сынтәа Лондон аҟынтә Қарҭ ареисқәа рынагӡара иалагоит easyJet-и British Airways-и.

“Мшаԥы инаркны easyJet Қарҭ ахырхарҭала ареисқәа рынагӡара иалагоит. Иара убас Ҳиҭроу аҳаирбаӷәазантә Қарҭ аԥыррақәа еиҭалагоит British Airways. Ари еилахәыра Қырҭтәыла ахырхарҭала аҵыхәтәантәи реис 2013 шықәсазы нанагӡеит», – аанацҳаит Financial Times.

Астатиа автор аԥхьаҩцәа ирабжьаигоит Қырҭтәыла иаҭаарц.