Филип Рикер  - Америка,  ашәарҭадареи мышхәыбзазареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла иацхраар аҭахуп, евроатлантикатә интеграциаҿы ишәыцхрааша зегьы аҟаҵара ҳаҿуп
Филип Рикер  - Америка,  ашәарҭадареи мышхәыбзазареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла иацхраар аҭахуп, евроатлантикатә интеграциаҿы ишәыцхрааша зегьы аҟаҵара ҳаҿуп

Қырҭтәыла аҭаара сеигәырҕьеит, ари атәыла арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи азы аҵакы ҷыда амоуп. Ҵыҧх абра саныҟаз, ақырҭуа лидерцәа аус рыцызуан шәгәылара иҟоу Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара амедиациазы, – иҳәеит Кавказ аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәа рзы Америка абжьагаҩ хада, ацҳаражәҳәаҩ Филип Рикер.

Рикер иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, арегион ашәарҭадара аиқәыршәараҿы алагала аҟаҵара нанагӡоит.

Иара убас, Филип Рикер ишиҳәаз ала,  „Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили хәы змам ароль наигӡеит атҟәацәа реиҭынаҧсахлареи ақәҧаратә зонаҿ аминақәа ахьыҟоу аҭыҧқәа раарҧшреи азыҳәан“.

Филип Рикер  ишазгәеиҭаз ала, Америка,  ашәарҭадареи мышхәыбзазареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла иацхраар аҭахуп, евроатлантикатә интеграциаҿы атәыла иацхрааша  зегьы аҟаҵара нарыгӡоит.

„Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит. Ҳара Қырҭтәыла адгылара ҳгәы аздууп, избанзар, шәара НАТОи Евроеидгылеи рахь аинтерграциа шәҭахуп. Америка евроатлантикатә интеграциаҿы  ишәыцхрааша  зегьы ҟанаҵоит, избанзар, ажәлар абри аҧеиҧш ауп иалырхыз.   Ақырҭуа жәлар асасдкылареи Америкаҟны апартниорра ҕәҕәеи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит“, – иҳәеит Рикер.