Европатәи ахеилак - Ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа инаваршәны игыло анаҧшцәа аамҭала идәықәҵазаауеит Қырҭтәыла аус зуа амиссиа аҟынтәи
Европатәи ахеилак аӡбарала, ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа инаваршәны аҭагылазаашьа агәаҭареи арегионаҿ аҭагылазаашьа иазкны аҳасабырба аиқәыршәареи амзызла, Шәамахьтәылаҟа идәықәырҵоит 40ҩык Евроеидгыла анаҧшцәа. Европатәи ахеилак ари аӡбара аднакылеит жьҭаара 6 рзы, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани, Франциа ахада Еммануел Макрони, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели реиҧылара ашьҭахь.
Евроеидгыла анаҧшцәа ирласӡаны рыргылара амзызла, Европатәи ахеилак аӡбара аднакылеит ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаашҟа аамҭала идәықәырҵарц Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ахаҭарнакцәа.
Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаҧнагоит Қырҭтәылаҿ амониторинг ҧырхагада анагӡаразы.