Европа иҟоу НАТО арбџьармчқәа анапхгаҩы ҿыц дрымоуп.
Аинрал Тод Уолтерс азинмчы иҭара аофициалтә церемониа иахьа Бриуссель имҩаҧысит. Уи Керт Скапарот ицынхәрас аусура далагоит.
Америка арра-ҳаиртә мчқәа ринрал Тод Уолтерс Европеи Африкеи рҟны иНАТО арбџьармчқәа рнапхгаҩыс иҟаҵара иазкны алианс анапхгара хәажәкыразы аҳәамҭа ҟарҵеит.