Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа амониторинг акомитет
Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа амониторинг акомитет

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа амониторинг акомитет апроект инақәыршәаны,  ассамблеиаҿ Қырҭтәыла аделегациа азинқәа ҿыҵшақәак рыла аамҭала шьақәдырӷәӷәароуп.

Акомитет ишазгәанаҭо ала, “адиалог адгыларазы  Ассамблеиа Қырҭтәыла аделегациа азинқәа ҿыҵшақәак рыла аамҭала шьақәдырӷәӷәароуп ари азҵаара даҽазнык, 2025 шықәса мшаԥмзазы аиҭахәаԥшранӡа. Аха Қырҭтәыла анапхгара ҭагылазаашьақәак нарыгӡароуп”.

“Амонитоинг акомитет ишаԥхьаӡаз ала, 2024 шьықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирхылҵыз ахҭысқәа, аизареи агәаанагара аарԥшреи рхақәиҭра аилагареи, арепрессиақәеи уахь иналаҵаны, Евроеидгыла алаларазы ишьақәгылоу аԥҟарақәа реилагароуп.

Акомитет Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә агарантиақәа ирзыԥшуп адемократиа арегресс аанкылареи аидгыла алаларазы ишьақәгылоу аԥҟарақәа рықәныҟәареи ирызкны. Адиалог адгыларазы  Ассамблеиа Қырҭтәыла аделегациа азинқәа ҿыҵшақәак рыла аамҭала шьақәдырӷәӷәароуп ари азҵаара даҽазнык, 2025 шықәса мшаԥмзазы аиҭахәаԥшранӡа. Аха Қырҭтәыла анапхгара дҵақәак нарыгӡароуп. Арҭ адҵақәа роуп:

  • Аинклиузивтә процесс алагара; арҭ амзқәа рзы апарламенттә алхрақәа раан иаарԥшыз аграқәа рырҽеира, адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгаразы ихырҳагоу адемократиатә ҭагылазаашьа ашьақәыргылара.
  • Зыԥшра ҟамҵакуа ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи аполициа хаҭарнакцәеи рыла ауаа рыргәаҟреи аанкылара.
  • Адемонстрантцәеи, ажурналистцәеи, атәылауаҩратә лидерцәеи ркыдцалара аусцыԥхьаӡа аҭҵаара.
  • Аизареи агәаанагара аарԥшреи рхақәиҭра аиқәыршәара, 2025 шықәса мшаԥымзанӡа аполитикатә баандаҩцәа зегьы роужьҭра.