Евроеидгыла ахеилак асанкциақәа рывсра ашьауҕатә ацәгьаурақәа рсиа анҵара иазку аӡбара иадгылеит
Евроеидгыла ахеилак асанкциақәа рывсра ашьауҕатә ацәгьаурақәа рсиа анҵара иазку аӡбара иадгылеит

Евроеидгыла ахеилак асанкциақәа рывсра Евроеидгыла аҵакырадгьылаҿ ашьауҕатә ацәгьаурақәа рсиа анҵара иазку аӡбара иадгылеит.

Иахьа уажәраанӡа ашьауҕатә ацәгьаурақәа рсиа ианын атерроризми, ауаа рыла ахәаахәҭреи, аҳәсеи ахәыҷқәеи асексуалтә ганахьала рексплуатациеи, изакәаным анаркотикқәеи абџьари реикәшареи, акоррупциеи, акиберацәгьауреи, еиҿкаау ацәгьауреи.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара ашьақәырҕәҕәаразы Европарламентаҿ абжьыҭира мҩаҧыргароуп.