Евроеидгыла атәылақәа рахь анеирна аҧҟара ҿыцқәа раларҵәара хырҧоуп 2024 шықәсанӡа
Евроеидгыла аӡбарала, Европаҟа анеира авторизациа асистема (ETIAS) аларҵәара хырҧоуп 2024 шықәсанӡа.
Евроеидгыла атәылақәа рахь анеиразы авизадатә режим змоу атәылақәа рзы асистема ҿыц амч аиуеит 2023 шықәса абҵара инаркны.
Асистема амч анаиулак, Европа атәылақәа рахь авизада анеира азин змоу еиуеиҧшым атәылақәа ртәылауаа, Европаҟа идәықәлаанӡа, аелектронтә форма хадырҭәаароуп, анеҩс, дара аелектронтә ҧошьҭала авторизациа роуеит.
Ари амаҵзура 7 евро иаҧсоуп.
Ари асистема рхы иадырхәароуп Шенгентәи азонашҟа авизада инеиуа 60 ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа, Қырҭтәыла атәылауаагьы нрылаҵаны.
Авторизациа зауа атәылауаа хышықәса рыҩныҵҟала авизада Европаҟа анеира азин роуеит.
Еврокомиссиа аинформациа инақәыршәаны, 18 шықәса инаркны 70 шықәсанӡа зхыҵуа ауааҧсыра Шенгентәи азона алаларазы 7 евро ашәахтә ршәароуп.