Евроеидгыла алидерцәа Бровары иҟалаз авиакатастрофа иадҳәаланы адашшылара ҟарҵеит
Евроеидгыла алидерцәа Бровары иҟалаз авиакатастрофа иадҳәаланы адашшылара ҟарҵеит

Евроеидгыла алидерцәа украинатәи ақалақь Бровары иҟалаз авиакатастрофа иадҳәаланы адашшылара ҟарҵеит.

«Бровары ақалақьаҿ агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа ҳџьабоит. Аминистр  Денис Монастырски  Европатәи еидгыла аҩыза ду иакәын. Ҳара иҭахаз ауаа руацәеи, ахада Зеленскии, аҧыза-министр Денис Шмыгали, аукраин жәлари ҳрыдашшылоит», — иҩит Европатәи Ахеилак  ахада Шарль Мишель  Twitter аҿы.

Украина дадашшылеит Еврокомиссиа ахадагьы.

«Аибашьрала иргәаҟу Украина агәҭаныҵәҟьа арыцҳара ду ҟалеит. Иҭахаз ауаа руацәеи, ахада Зеленскии, аукраин жәлари гәыкала срыдашшылоит. Шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит», — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.

Иара убас,  украинаа дрыдашшылеит Европарламент ахада  Роберта Метсола.

«Бровары, ахәыҷбаҳча ааигәара агежьҧрыга акаҳара даараӡа сгәы иалсит.  Украина аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Денис  Монастырскии иҭахаз егьырҭ ауааҧсыреи руацәа гәыкала срыдашшылоит», — илҩит  Роберта Метсола.