Европа жәлартә партиа агәынамӡара аанарԥшуеит “Ақырҭу́а гәахәтәы” Қырҭтәыла европатәи акурс аԥсахра иазкны аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь, Қырҭтәыла ишьақәгылаз авторитартә шьҭахьҟа ацареи, зымҽхак ҭбаау аконституциатә, аполитикатә, азинтә кризиси инамаданы, – иануп Европа жәлартә партиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Арезолиуциа инақәыршәаны, аполитика аганахьала зхатә гәаанагара амазаареи, аполитикцәеи ажурналистцәеи ркыдцалареи, арепрессиақәа шьаҭас измоу азакәанԥҵар адкылареи, аполитикатә отивациа змоу аусӡбарҭатә процнссқәеи ирыбзоураны, Қырҭтәыла адемократиа аҟазаара иадҳәаоаны азҵаара дуқәа цәырҵуеит.
Арезолиуциаҿ ишану ала, аполициа хаҭарнакцәа адемонстранцәа рганахьала аадырԥшыщ амчылара афактқәа рзы аусԥшаара мҩаԥгамызт.
Арезолиуциа инақәыршәаны, Европа жәлартә партиа адемократиатә зинқәеи адемократиатә европатәи аԥеиԥш азы иқәԥо ақырҭуа жәлар адгылара рзаанарԥшуеит
“Иара убас Европа жәлартә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит “Амилаҭтә ҵысреи” егьырҭ адемократиатә партиақәеи русзуразы ақәиҭымтәра аԥнахны, иҿыцу апарламенттә алхрақәа ррыцхә шьақәнарӷәӷәарц”, – иануп арезолиуциа аҿы.