Ергнеҭи  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны  аиҧылара мҩаҧган
Ергнеҭи  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны  аиҧылара мҩаҧган

Ҩымзтәи аангылара ашьҭахь, Гори амуниципалитет  Ергнеҭи ақыҭан,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 108-тәи аиҧылара мҩаҧганю

Қырҭтәыла Ахәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа-аналитикатә департамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе ишиҳәаз ала,  аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара.

Иара иажәақәа рыла, ари аганахьала прогресск иҟоуп, аха, Қырҭәтыла атәылауаа конкретла ианоурыжьҭуа имҳәеит.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы иазааҭгылеит азакәандаратә бордеризациеи агуманитартә зҵаарақәеи.

Иракли Анҭаӡе иажәақәа рыла, уажәазы де-факто  арежим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылоуп хәҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аиҧылараҿы ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа иаанкылоу ауааҧсыра рхақәиҭтәра азҵаара еиҭақәдыргылоит.

Қырҭтәыла Ахәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа-аналитикатә департамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе аиҧылара ашьҭахь ишиҳәаз ала, де-факто арежим иахьагьы аҳәара иқәдыргылеит Чорчана иҟоу ақырҭуа полициа аҧыҧшырҭа ақәхра иазкны, аха ацентртә напхгара уи иақәшаҳаҭымхеит.