Ергнеҭи Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит

Ергнеҭи Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизмаҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥылараҿ аганқәа иҳаҩсыз ҩымз ирылагӡаны ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟаз аҭагылазаашьа иахәаԥшуеит.

Аиԥылараҿ зҵаара хаданы еиҭах ампыҵахаларатә мчқәа иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара иқәгылоит. Иахьазы де-факто арежим рбахҭа иҭакуп ааҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе иҳәамҭала, иаанкылоу атәылауаҩк иус азы аӡбарҭатә процесс ҳазҭагылоу амчыбжь азы мҩаԥысроуп.