Ентони Блинкен -  Урыстәыла аиадертә бџьар ахы ианархәар,  Америка уи азгьы ауснагӡатәқәа рплан еиқәыршәаны амоуп
Ентони Блинкен -  Урыстәыла аиадертә бџьар ахы ианархәар,  Америка уи азгьы ауснагӡатәқәа рплан еиқәыршәаны амоуп

«Америка аплан еиқәыршәаны амоуп,  Урыстәыла атомтә бџьар ахы ианархәар,  иҟаҳҵаша аадыруеит», иҳәеит Америка аҳәынҭқарртә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен   CBS аинтервиу анеиҭоз.

Блинкен иажәақәа рыла, Вашингтони Москвеи аиадертә бџьар ахархәара ашәарҭара иалацәажәахьеит,  избанзар,  Урыстәыла еилыркаароуп уи алҵшәа цәгьақәа шахылуа. Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла ажәылара иаҟәыҵыр аибашьра шхыркәшахо,  Украина аибашьра иҟәыҵыр,  ишықәыӡӡаауа.

Иара убас, Блинкен даҽазнык иаҵшьын иазгәеиҭеит  атомтә бџьар ахархәара аҳәынҭқаррақәа рацәа рзы акатастрофатә алҵшәа шамазаауа.