Еммануэль Макрон - Европа ауаҩжьыфаҩ дадгылеит ҳәа анаҳҳәо, ари ибзианы ирныруеит ақырҭуааи, аукраинцәеи, егьырҭ ажәларқәеи
Европа ауаҩжьыфаҩ дадгылеит ҳәа анаҳҳәо, 2008 шықәсаашьҭахь ари ибзианы ирныруеит ақырҭуааи, аукраинцәеи, егьырҭ ажәларқәеи, – иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон Германтәыла аканцлери иареи еицымҩаԥыргаз апресс-конференциа аҿы, Урыстәылатәи Афедерациа ахада данихцәажәоз.
Макрон иажәақәа рыла, Владимир Путин авторитартә мҩала ацара зыӡбаз уаҩ иуоп.
«Аимпериализм ихы иаирхәан аҳәаақәа рыԥсахразы авторитартә мҩа данылаз ауаҩы иоуп», – иҳәеит Франциа ахада.