Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи адиктор аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит.
Еицырдыруа ателедиктор аԥсшәа ларҳәеит лколлегацәа, атәылауаа, еиуырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа. Атәылауаҩратә панихида Сионтәи акафедралтә ныхабааҿ мҩаԥган.
Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи адиктор Лиа Миқаӡе диит 1936 шықәса лаҵара 3 рзы. 1954 шықәсазы Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху қарҭтәи Атеатртә университет дҭалеит.
Лиа Миқаӡе ателехәаҧшраҿы аус луан уи аартра амш инаркны, 1956 шықәса ҧхынҷкәын 30 инаркны.
2013 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы, Ақырҭуа телехәаҧшра ашьаҭаркра инаркны 57 шықәса аҵра инамаданы, Мҭаҵминда апаркаҿ, қарҭтәи ателебааш авара, Қырҭтәыла Актәи аканал аанартит ателехәаҧшра раҧхьатәи адикторцәа — Лиа Миқаӡеи, Џьулиетта Вашаҟмаӡеи, Алеқсандр Маҷавариании раҳаҭыртә аеҵәа.