ЕАШ "Жәларбжьаратәи арратә аҵарадырреи азыҟаҵарақәа" рпрограммақәа иазыԥхьагәаҭоу ацхыраара априоритет змоу адкылаҩс Қырҭтәыла азгәаҭоуп
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, “Жәларбжьаратәи арратә аҵарадырреи азыҟаҵарақәа” рпрограммақәа рзы Европа 26,9 миллион америкатәи доллар азалыхуеит.
Адокумент инақәыршәаны, ЕАШ “Жәларбжьаратәи арратә аҵарадырреи азыҟаҵарақәа” рпрограммақәа иазыԥхьагәаҭоу ацхыраара априоритет змоу адкылаҩ-тәылақәа роуп Қырҭтәыла, Украина, Ҭырқәҭәыла, Польша, Румыниа, Болгариа.
“Жәларбжьаратәи арратә аҵарадырреи азыҟаҵарақәа” рпрограммақәа арегионтә шәанҭадара дырӷәӷәлит, иара убас идырӷәӷәоит ЕАШ-и Нато-и Европа арбџьармчқәа реизыҟазаашьақәа, Урыстәыла агрессиа аҿагылараҿ ацхыраара аанарԥшуеит.
“Жәларбжьаратәи арратә аҵарадырреи азыҟаҵарақәа” рпрограммақәа иазыԥхьагәаҭоу ацхыраара априоритет змоу адкылаҩ-тәылақәа роуп Қырҭтәыла, Украина, Ҭырқәҭәыла, Польша, Румыниа, Болгариа”, – иануп адокумент аҿы.
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 афискалтә шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла “Адәныҟатәи арратә финанстә цхыраарагьы” аиуроуп.
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 афискалтә шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, “Адәныҟатәи арратә финанстә цхырааразы” алхуп 299 миллион америкатәи доллар.
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 афискалтә шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла 88 миллион доллар ацхыраара азалырхуеит. Апроект аҿы ишану ала, афинанстә цхыраара хақәкыс амоуп Қырҭтәыла атерриториаҿ аекономикатә аҿиареи, Евроатлантикатәи аинтеграциеи, Кремль аҟынтә аауа ашәарҭақәа раанкылареи.