ЕАШ Урыстәыла асанкциа ҿыцқәа азышьақәнаргылеит

ЕАШ Урыстәыла асанкциа ҿыцқәа азышьақәнаргылеит .Агентра „Роитер“  аинформациа ала, асанкциа ҿыцқәа шьықәырӷәӷәоуп атехнологиа асектор аоператорцәа.

ЕАШ афинанстә департамент аҳәамҭала, асанкциақәа рзышьақәдырӷәӷәеит 21 аилахәырақәеи 13-ҩык афизикатә хаҿқәеи. Асиа еиқәаҵәа иалоу аилахәырақәа иреиуоуп “Микрон” – Урыстәыла амикроелектроникеи ачипқәеи идуӡӡоу аекспортиор.

„Ҳара Путин иеибашьра амашьына иаҿагыланы асанкциақәа рыдкылара наҳагӡоит“, – иануп ахазынатә департамент амаӡаныҟәгаҩ Џьанет Уелен иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.