Украина ахада Володимир Зеленски визитла ЕАШ даҭааит. Зеленски ЕАШ ахада Џьо Баидени адунеи егьырҭ алидерцәеи “Украина аиааиратә план” рыдигалоит.
“ЕАШ рҟны авизит салагоит. Уажәы Пенсильваниахь сдәықәлоит, уи ашьҭахь – Ниу Иорки Вашингтони рахь. Ҭагаларазы иӡбахоит аибашьраҿ наҟ-наҟ иҟало. Ҳпартниорцәеи ҳареи аиааира агаразы ишаҭаху еиԥш ҳпозициақәа рырӷәӷәара ҳалшоит”, – иҳәеит Зеленски.