ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ - Шри-Ланкаҿ атерактқәа иҵегьы имҩаҧгахоит
ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ - Шри-Ланкаҿ атерактқәа иҵегьы имҩаҧгахоит

ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ  Алаин Теплиц атеракт ҿыцқәа рымҩаҧгара иадҳәаланы Шри-Ланка анапхгара агәҽанҵара риҭоит. Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, асасааирҭақәеи ауахәамақәеи рҿы атерактқәа еиҿызкааз ацәгьауцәа рыбжеиҳарак рхы иақәиҭуп.

Аҭыҧантәи полициа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, атәылаҿ ашәарҭадара ҭагылазаашьа дырцәгьеит, избан акәзар азакәанхьчаҩцәа атерактқәа рылахәылацәа рыҧшаара иаҿуп.

Мшаҧы 21 рзы Шри-Ланка иҟалаз атерактқәа раан иҭахеит 250ҩык. Атерактқәа рымҩаҧагразы аҭакҧхықәра ахахьы агеит Исламтәи аҳәынҭқарра.