ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалатаҿ  MEGOBARI Act шьақәдырӷәӷәеит
ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалатаҿ MEGOBARI Act шьақәдырӷәӷәеит

ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалатаҿ  MEGOBARI Act шьақәдырӷәӷәеит.

Азакәанпроект иадгылеит 349-ҩык аконгрессменцәа, урҭ рҟынтә 168-ҩык Ареспубликатә партиа хаҭарнакцәа роуп, 181-ҩык – Адемократиатә партиа, иаҿаглеит 42-ҩык аконгрессменцәа, 42-ҩык абжьыҭираан рхы ныркылеит.

MEGOBARI Act хьӡыла идыру азакәанпроект инаӡоу ахьӡ “Қырҭтәыла аҳасабырбареи, алаӡареи, ахьыԥшымра алшарақәа рырӷәӷәареи рмобилизациеи ирызку акт” ҳәа ауп.  Аофициалтә ахьӡ  – “Китаи акоммунисттә партиеи, Џьамтәыла арежими, Урыстәылатәи Афедерациеи рнырра аҿагылара Қырҭтәылаҿ”.

MEGOBARI Act-ла Ққырҭтәылаҿ ачинуаа асанкциақәа рықәҵареи авизатә аԥкрақәеи иахыԥхьагәаҭоуп.

MEGOBARI Act аҿы ишану ала:

ЕАШ-и Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи ацхырааратә программақәеи зегьы реиҭахәаԥшра иалагоит;

Атәыла Аконституциаҿ иаарԥшу евроатлантикатә интеграциа апроцесс иадҳәаланы ақырҭуа жәлар ргәазыҳәарақәа рыдгылара нагахоит;

ЕАШ ахада Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи, Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи ирԥырзагоз,  акоррупциа иалахәыз “Ақырҭуа гәахәтәы” аофициалтә хаҿқәеи рыцхырааҩцәеи асанкциқәа рықәҵара идҵахоит;

Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны аныҟәара еиҭа ианалаго, ажәларқәа рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара апроцесс иалагоит;

Урыстәыла ампыҵахалара аҭагылазаашьаҿ, Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи адгылара нагӡахоит;

Ақырҭуа ажәлари Аконституциеи зыхьчо атәылауаҩратә уаажәларра рыдгылара нагӡахоит.

MEGOBARI Act ахцәажәараан аконгресс аҿы иқәгылеит: Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен Браиан Маст, адемократ – Џьони Ошески, адемократ Стив Воен, Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен Џьо Уилсон, Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен Уорен Девидсон.

Ахаҭарнакцәа рпалата ашьҭахь, азакәанпроект Асенат аҿы рыдыркылароуп. Уи ашьҭахь азакәанпроект ЕАШ ахада изырышьҭуеит.