ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуз 500 000 "Фаизер" адозақәа атәылаҟа асабшаҽны ааргоит
ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуз 500 000 “Фаизер” адозақәа атәылаҟа асабшаҽны, ԥхынгәы 24 рзы ааргоит, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.
Ԥхынгәы 2 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ӷарибашвили ишаицҳаз ала, Америка аиҳабыреи ахадеи рыӡбара ала, Қырҭтәыла, авакцина Pfizer шәнызқьла адозақәа ҳамҭас аиуеит. Ԥхынгәы 17 рзы Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Америка аиҳабыра Pfizer миллионбжак адозақәа ҳамҭас иҳарҭарц рыӡбеит.