ЕАШ аиустициа аминистрра атәым агентцәа ррестр инақәыршәаны, "Амилаҭтә ҵысра" алоббисттә еилахәыра Nelson Mullins рмаҵуразы 360 000 америкатә доллар ашәеит
Ԥхынгәы 11 рзы ЕАШ аиустициа аминистрра атәым агентцәа ррестр ианылаз адокумент инақәыршәаны, “Амилаҭтә ҵысра” алоббисттә еилахәыра Nelson Mullins рмаҵуразы 360 000 америкатә доллар ашәеит.
“ЕАШ реиҳабыра рҿаԥхьа азинқәа рыхьчара, аконсультациақәа раиура, “Иаку амилаҭтә ҵысра” адипломатиатә усзура адгылара. Қырҭтәыла зхы иақәиҭны ииашаны алхрақәа рымҩаԥгаразы”Амилаҭтә ҵысра” адгылара”, – иануп адокумент аҿы.