ЕАР Ассамблеиа Хада импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа  ирызку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа иадгылеит  103 ҳәынҭқаррақәа
ЕАР Ассамблеиа Хада импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа  ирызку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа иадгылеит  103 ҳәынҭқаррақәа

«Нью-Иорк,   ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиаҿы, импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа  ирызку арезолиуциа рыдыркылеит, арезолиуциа иадгылеит  103 ҳәынҭқаррақәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Раҧхьаӡа акәны, арезолиуциа иадгылеит Шәамахьтәылагьы.

Арезолиуциа иақәшаҳаҭымхеит: Урыстәыла, Беларусь, Аҩадатәи Кореиа, Сириа,  Зимбабве, Никарагуа, Мали, Куба,  Бурунди.

Абжьыҭираан рҽааныркылеит  Китаи, Израили,  Џьамтәылеи.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, ақырҭуа аган ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы ари арезолиуциа  адкыларазы аус руеит  2008 шықәса инаркны.

«Арезолиуциаҿы Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылатәи арегионқәа рҿы хықәкыла адемографиатә ҭагылазаашьа аҧсахра иақәыӡбоит. Иаҵшьны иазгәаҭоуп ахҵәацәа зегьы шәарҭада рыҩныҟа  ахынҳәра азин шрымоу.

Иара убас, арезолиуциа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылатәи арегионқәа рҿы ашәарҭадареи ауаҩытәыҩса изинқәеи  аганахьала аҭагылазаашьақәа аиҕьтәразы аҽазышәарақәа дырҕәҕәарц.

Агуманитартә аҵакы инаваргыланы, арезолиуциа апрактикатә аҵакгьы амоуп, избанзар ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иднаҵоит Қырҭтәыла инхо ахҵәацәа рҭагылазаашьа иазкны есышықәса ажәахә ирмазеирц.

Сынтәа ари арезолиуциа иадгылаз атәылақәа иаҳа ирацәан, уигьы ақырҭуа дипломатиа ақәҿиарақәа иреиуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра арезолиуциа иадгылаз атәылақәа зегьы ираҭабууп. Ари аӡбарала атәыла цыҧхьаӡа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит  ахҵәацәа ахынҳәра азин шрымоу», — иануп аинформациаҿы.