ЕАР аекспертцәа – Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара апревенциа еиқәдыршәарц, азинхьчаҩцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа ҭырҵаарц
ЕАР аекспертцәа – Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара апревенциа еиқәдыршәарц, азинхьчаҩцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа ҭырҵаарц

 

Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара апревенциа еиқәдыршәарц, 2024 шықәса абҵара-ҧхынҷкәын имҩаҧысуаз апротесттә акциақәа раан азинхьчаҩцәа рыла имцхәны амч ахархәареи,  адемонстрантцәеи амедиа ахаҭарнакцәеи раанкылареи афактқәа ҭырҵаарц, – иануп Ауаҩытәыҩса изинқәа рызҵаарақәа рзы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар иофис аҳәамҭаҿы. Акомиссар иофисаҿ ашырҳәаз ала, аҳәамҭа дырмазеит ихьыҧшым аекспертцәа.

ЕАР аекспертцәа ражәақәа рыла, дара ирымоу аинформациа инақәыршәаны, шәҩыла ауааҧсыра аахақәа роуит, амчылара афактқәа убас ихьанҭан, урҭ ауаа рыргәаҟреи гәымбылџьбарала рызныҟәареи аквалификациа рыҭазар ауеит.

Аҳәамҭа ишану ала, „абарҭ ахҭысқәа рыхьанҭара иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла аофициалтә хаҿқәа рҟынтә иазыҧшуп жәларбжьартәи астандартқәа ирышьашәалоу, ихьыҧшым, иаарту, аеффективтә аусеилыргара алагара. Закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зегьы рхы иақәиҭзароуп, амедицинатә цхыраара зҭаху ауаа ари ацхыраара рыҭазароуп“, – ирҳәеит ЕАР аекспертцәа.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рызҵаарақәа рзы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар иофис адыррала, ЕАР аекспертцәа ари азҵаара иадҳәаланы, Қырҭтәыла аиҳабыра ашәҟәы рзырҩит, дара аҭагылазаашьа агәаҭара нарыгӡоит.