ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 1 900ҩык аҭынчуаа
ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 1 900ҩык аҭынчуаа

ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 1 900ҩык аҭынчуаа,  2 500ҩык ахәрақәа роуит.

Ари аинформациа аланарҵәеит ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аибашьра алагара инаркны иахьанӡа, Украина иҭахеит 1892ҩык аҭынчуаа, урҭ рҟынтә  153ҩык рықәра наӡамызт.  2558ҩык ахәрақәа роуит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, ауаа реиҳара иҭахеит Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа рҿы.